АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Иҵару ареспиратортә вирустә инфекциақәа рыларҵәара иахҟьаны Бзыԥтәи ашколқәа ҩбеи Гагра араион ашколқәа рҿы 22 класси акарантин рылаҳәаны иаркын жәабранмза 17 инаркны 21 рҟынӡа, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион аҵарадырра аҟәша аиҳабы Мадина Жьиԥҳа.
"Бзыԥҭатәи ашкол №1 аҟны аҵаҩцәа 49% ашкол ахь инеиӡом, Бзыԥҭатәи ашкол №3 аҿы акәзар, 38% ахәыҷқәа ыҟаӡам. Аҩбатәи Бзыԥҭатәи ашкол атәы ҳҳәозар, уа акарантин иалҵхьеит, аха уаҟагьы ахәыҷқәа рацәаҩны иҟам. Ҳара аҭагылазаашьа ҳашьклаԥшуеит. Иахьа уи ашкол азы аӡбара ҳадаҳкылоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Гагра араион аҿы иҟоу ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы аусбарҭақәагьы акарантин иалҵит. Иахьазы, урҭ рҟынтәи хәба рҟны ахәыҷқәа 40-50% рҟынӡа иҟамызт, афбатәи ахәыҷбаҳчаҿы гәыԥк аркын. Жьиԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, ачымазара аларҵәара шаанкылоу, згәы бзиоу ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь анеира шрылшо, макьана ичмазаҩу рҽыхәшәтәра ишацҵахо.
Ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәии аусбарҭақәеи русура иадҳәаланы анаҩстәи аӡбарақәа рыдыркылоит урҭ доусы рҿы есыҽнытәи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа анализ азуны.