Урыстәыла

Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 9 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Уахык ала Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 9 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба карыжьит Амшын еиқәа инахыкны, хԥа - Бриансктәи аобласт аҿы.
Даҽа акака ҭархан Ҭаҭарсҭани Тулатәи аобласти рҟны.