Аԥсны

Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа Шәача инхо ахаҵа анаркотиктә маҭәашьарқәа имархит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥснытәи азинхьчаҩцәа Шәача инхо ахаҵа анаркотиктә маҭәашьарқәа имархит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура
Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны дааныркылеит 41 шықәса зхыҵуа Денис Салимианов. Хаҭала данеимырдаауаз идырбалеит амефедрон сгәылаԥсаз жә-еилаҳәарак.
Салимианов иҳәеит, анаркотикатә маҭәашьарқәа Шәача ишааихәаз анаҩс аҭиразы. Иара идирбеит Аҟәа ақалақь аҟны аҵәахырҭатә ҭыԥқәа ахьыҟаз, уантәи 13 грамм амефедрон ган. Даҽа жә-еилаҳәара хәыҷык имашьынаҟны иԥшаан. Иаидкыланы имхуп 68 грамм анаркотикқәа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ацәахырҭатә ҭыԥқәа рҟны 70 шьҭеиҵит, еилаҳәарак азы зықьмааҭ изыршәон.
Азинхьчаҩцәа излаарыцҳауа ала, иаанкылоу мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа рыҭира далахәуп, уи афактгьы шьақәырӷәӷәоуп – Денис Салимианов 300 грамм рҟынӡа амефедрон ахьыҵәахыз аҭыԥ дирбеит.
Уи азы ашьаус хацыркуп. Агәҩарс иҟоу даанкылоуп.
Аԥсны
Гагра араион аҟны инхо ахаҵа даанкылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа риагаразы