АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥсны агаҿа иахьаԥну ҭыԥқәак рҿы асоура инамаданы амҩақәа рҿы ашәарҭадара ахьчаразы аусмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
"Мчыбжьык аԥхьа амаҵзурақәа зегьы ргәырҽанҵан. Иаҭаххар ареспубликатә мҩаду аҿы зегь реиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа аԥслымӡла еиқәыршәахоит ауадаҩрақәа ҟамларц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аслан Базба иҳәеит, асоура иахҟьаны Риҵаҟа амҩа шарку, насгьы амашьынаныҟәцаҩцәа агәҽанызаара аадырԥшларц ааԥхьара риҭеит, избан акәзар аси аҵааи ирыхҟьаны амҩақәа ҵааршәхар ҟалоит.