АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡбеи Иарославтәи аобласт Иарославтәи араион ахада Николаи Золотникови ҩ-ганктәи аусеицуреи еицырзеиԥшу апроектқәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
Уахь иаҵанакуеит Лаҵара 9 рзы ателецҳа амҩаԥгареи Гәдоуҭатәи ашколхәыҷқәа апроект "Ҳҭаацәаратә гәалашәаратә шәҟәқәа" ралархәреи
Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла акыр шықәса раахыс Аԥсны адгылара шанаҭо. Убас, ааигәа араион ашколқәа автобус ҿыцқәа шрырҭаз. Уи адагьы, хара имгакәа Ленин ихьӡ зху апарк аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа хацыркхоит.