АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи МиГ-29 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Иара убас, уахыки-ҽнаки ирылагӡаны, аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит Hammer ҳәа изышьҭоу авиациатә бомбақәа хәба, JDAM ҳәа изышьҭоу авиациатә бомбақәа ҩба, аицҭырҟьаратә система HIMARS аракетақәа ԥшьба, украинатәи адронқәа 123.
Урыстәыла аоперативтә-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи арратә ҳаирбаӷәазақәа ринфраструктура, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҵәахырҭақәеи разыҟаҵарҭақәеи, аҳәаанырцәтәи аибашьцәа аамҭала раангыларҭақәеи, 148 раион рҿы аӷа ируааи итехникеи ааха ӷәӷәа рырҭеит.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 654 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 43895, 594 ЗРК, 21519 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, РСЗО амашьынақәа 1518, артиллериеи аминаршәгақәеи 21838, иҷыдоу аибашьыгатә автомабилтә техника 31218 ак.