АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Урыстәыла аусеилыргаратә еилакы Аԥсны ахада иалхрақәа раан атәылауаа рзинқәа реилагаразы афакт ҿыцқәа шышьақәдыргылаз азы адырра ҟанаҵеит.
"Аинформациатә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәеи рҿы икьыԥхьыз адыррақәа рыла, жәабран 19 рзы Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблан жәаҩыла ауаа 20 машьына рыла инеины аҭыԥантәи ақыҭақәа рхадацәа ирықәымуан аҭыԥантәи аерман милаҭ алхрақәа рҽаладмырхәырцаз. Ақәымчра ҟазҵоз раԥхьагылаҩцәа Дима Арӡынбеи Масик Шьаҟрыли уҳәа", — ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аусеилыргаратә еилакы.
Аусеилыргаратә еилакы иазгәанаҭеит Урыстәыла ашьауӷатә кодекс инақәыршәаны, Урыстәыла анҭыҵ ацәгьоура ҟазҵо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Урыстәыла азакәанқәа рыла ашьауӷатә ҭакԥхықәра ишаҵанакуа, ацәгьоура Урыстәыла атәылауаҩ иганахь ала иҟазар.
"Аҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, алингвистикатә ԥышәарақәагьы уахь иналаҵаны иахәҭоу агәаҭарақәа рымҩаԥгара азы адҵа ҟаҵоуп. Аусҭҵаара азакәантә цхырааразы азыҳәа еиқәнаршәеит. Аҭҵааратә лҵшәақәа инарықәыршәаны, апроцессуалтә ӡбара рыдыркылоит".