"Алықьса Џьениа ипроза ҳаԥсуа ԥсҭазаара, ҳаԥсуа нхаҩы ипсихологиа бзиаӡаны ианыԥшуеит… Уи иааиртит, ицәыригеит убри аҩыза ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи, иҟазшьа, аԥхьаҩ иаразнак агәра игартә дзыԥхьо апроза аԥсҭазаара ахаҭа ишахылҵыз, адгьыл ишықәиааз, уи афҩы хааӡа ишахышәшәо… Уброуп иахьыҟоу аҟазарагьы, иубои иуаҳауеи уара иузааигәаӡоу акеиԥш рыгәра ануго…"
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа
Сара усазҵаауазар, ҳаԥсуа литератураҿы хҩык апрозаикцәа дуқәа рыхьӡқәа саҳәа ҳәа, сымлакҩакӡакәа рыхьӡ сҳәоит Алықьса Гогәуа, Алықьса Џьениа, Џьума Аҳәба. Аиашазы, арҭ ахҩык, ианҩыҵшәа инаркны, уарлашәарлак акәымзар, поезиатә ҩымҭак аԥымҵаӡакәа, апроза мацара иаҿын, иуҳәар ҟалоит, иреиҳаӡоу аҩаӡараҿгьы ихаргалеит ҳәа.
Сара насыԥла, урҭ ахҩыкгьы ибзиан срыхьӡеит, уимоу, рыӷәӷәамҭаз рҩызарагьы қәашьс анцәа исиҭеит. Урҭ ирызкны сгәалашәарақәа ԥыҭк сҩхьеит, дара гәыблыла иахьысзыҟаз сара сзы еиҳау насыԥ ыҟаӡам...
Абра сизааҭгылар сҭахуп, иҩызцәа дрылагылазҭгьы иахьа ԥшьынҩажәи жәохә шықәса зхыҵуаз ҳапрозаик ду Алықьса Камыгә-иԥа Џьениа.
Алықьса Џьениа зегь раԥхьа иргыланы зыжәлар рхьааи ргәырҩеи даара ибзианы издыруаз, уи есымша знапы ақәкыз, рҭоурых зегьы зҩымҭақәа ирныԥшуаз шәҟәыҩҩын, хәыцҩы дуун. Сара санхәыҷыз, уи даара акырынтә сзыԥхьахьоу иповест "Агәнаҳа уаҵамлан, сашьа" иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа рахь исшьон, иахьагьы убри аҩыза агәаанагара сымоуп. Уи ироманқәа "Абна амаӡа", "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Анмираҳ - ҩыџьа рынцәахәы" ажурнал "Алашара" иананыла, аԥхьаҩцәа инеимда-ааимдо иаԥхьон, агәаран иқәгылан, мызла иазыԥшын аԥхьара. Сара ибзиан исгәалашәоит, усҟан ажурнал атираж жәиԥшь нызқь ыҟан, аха ирызхаӡомызт, илызҩаауаз рацәаҩӡан, шамаха ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиуан...
Рыцҳарас иҟалаз, иахьа макьана хәышә роуп иҟоу уи атираж. Усҟан еиԥш аԥошьҭа аус ахьамуагьы даара иаҳԥырхагоуп, ҳаԥхьаҩцәа зегьы рнапаҿы анагара ҳцәыуадаҩуп. Аинтернет иҭоуп, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҿы иҟоуп, аха убригь азхом, ажурнал ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиуазар зегьы иреиӷьуп. Усҟан ҳаԥсуа бызшәа апроблемагьы абриаҟара иҵарны иқәгылаӡомызт...
Алықьса Џьениа ажурнал "Алашара" редактор хадас данахагылаз (1975- 1978 шш.) уацәымшәакәа иуҳәар ауеит даара ҽаԥара ирԥеит, даара аинтерес ду аҵалеит уи аиҿкаашьеи, аҭыжьшьеи, ианылоз аҩымҭақәа иԥшӡаны рықәыргылашьеи, алитературатә жанрқәа зегьы раарбышьеи, ркьыԥхьшьеи рыла. Ҳлитература аҭҵааҩцәа ииашангьы иазгәарҭоит Алықьса Џьениа ажурнал ахь ихьеирԥшит ҳәа аҩра иалагаз аҿар рацәаҩны, уи даннеи, рыхқәа шьҭырхит, рҩымҭақәа рацәаны ркьыԥхьра иалагеит иахьа ҳзықәгәыӷуа абжьаратәи абиԥара.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, Алықьса Џьениа ашәҟәыҩҩра анаҩысгьы, аграждантә позициа ӷәӷәа змаз патриотны дшыҟаз, акырынтә ипублицистикатә ҩымҭақәеи иқәгыларақәеи рҿы ақырҭқәа Аԥсны имҩаԥыргоз аполитика бааԥсы аӷьараҳәа дшаҿагылоз. Аҭоурых аҿы инхеит 1978 шықәса рзы ЦК КПСС ахь аинтеллигенциа ирҩыз "Аԥсуа шәҟәы" инапы ахьаныз азы ажурнал "Алашара" редактор хадас дахьыҟаз дшамырхыз, апартиа дшалырцаз, ақырҭуа жәлари аԥсуа жәлари "рыиашьара" иаҿагылоз екстремистк иаҳасабала!.. Уи зыграждантә позициа ӷәӷәоу шәҟәыҩҩык иаҳасабала ҳажәлар идирбеит уи аҩыза аиашьара шымцыз, ишеижьагаз, уи лаԥшхырԥагас иҟаҵаны, иреиӷьӡаз ҳадгьылқәа ртәыртәырц ишаҿыз ақырҭқәа.
Алықьса Џьениа аԥсуа-ақырҭуа еибашьра аламҭалази, уи ашьҭахьи машәырла иԥсҭазаара далҵаанӡа иаԥиҵеит имаҷымкәа арҿиамҭақәа. Ашәҟәыҩҩы изку акритик Шоҭа Салаҟаиа истатиа "Ҳаамҭазтәи апроза азҟаза иаша" аҿы иазгәеиҭоит:
" Лымкаала иазгәаҭатәуп ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь 1999 шықәсазы хаз шәҟәны иҭыҵыз уи идокументалтә повестқәеи иажәабжьқәеи реизга "Рақәшәашьа рхаҵашьахеит". Ари аизга еиднакылоит ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаараҿы иҟалаз ахҭыс иашақәаҵәҟьа шьаҭас ирыҭаны иааирыԥшыз 1992-1993 шықәсқәа раантәи ақырҭқәеи аԥсуааи рыбжьара иҟалаз аибашьра хлымӡаах иадҳәалоу асахьа гәыҭшьаагақәа".
Алықьса Џьениа иажәабжьқәеи ироманқәеи рнаҩсангьы даара акырӡа ҳаԥхьаҩцәа ирзааигәахахьеит иповестқәа. Иааҳгозар, акырынтә еиҭаҭрыжьхьоу, аха макьанагьы ҳаԥхьаҩцәа ргәы ззыбылуа, ирлас-ырласынгьы изыԥхьо, еиуеиԥшым абиԥарақәа инеимда-ааимдо иаарго иреиуоуп аповестқәа: "Аԥҳәыс лгәы", "Ашәҭқәа кәаҳатәым", "Ахацәа рашәа". Уаҟа автор даара дазыманшәаланы, жәа хыркыла, иҵаулоу хәыцрала, аԥхьаҩ игәы ааиртуеит, иеилиркаауеит аԥсҭазаараҿы ауаҩы шаҟа аамҭа дкыднаҟьо аҟара "дазԥымҽкәа" деиқәхар, еиҳагьы дшыӷәӷәахо, еиҳагьы аԥсҭазаара агьама шикуа, ахы шигәанарԥхо.
1986 шықәсазы иҭыҵыз Алықьса Џьениа ироман "Анмираҳ - ҩыџьа рынцәахәы" аннотациаҿы ҳаԥхьоит:
"Алықьса Џьениа ироман ҿыц "Анмираҳ- ҩыџьа рынцәахәы" - инеиҵыху, махәҭа рацәа змоу, еиуеиԥшым азҵаарақәа ықәзыргыло ҩымҭоуп. Аира, аԥсра, ахаҵара, аԥҳәысра, ауаҩи аԥсабареи реиԥш иҟоу, имажәӡо, аԥсҭазаара иахьыҟазаалак, ишыҟазаалак, иацу азҵаарақәа рҭак дашьҭоуп, иааирԥшуеит аԥхьаҩ, игәаҿы-ихаҿы инеиртәгьы рҭакқәа ҟаиҵоит.
Алықьса Џьениа абри иҩымҭаҿы зегь реиҳа хшыҩзышьҭра аиҭеит ауаа рлахьынҵақәа, дара-дара реизыҟазаашьа, дара зегьы ааидкыланы аԥсабара ишазыҟоу, иара аԥсабара ахаҭа дара ишырзыҟоу. Уи аҿаԥхьа ирымчу, ирымчым. Аҩымҭа уаԥхьаны уаналгалак - нцәасгьы, ныхасгьы иҟоу аԥсабара ахаҭа акәзаап уҳәо уҟалоит".
Уи ирҿиамҭақәа иахьатәи аамҭагьы иагәыласоуп, иалацәажәоит, аха иацтәи ахьгьы ухьадырԥшуеит, избанзар иацтәи узымдыруазар, иахьатәи акгьы узалгом, ахаҳә ссеиԥш ашьапы уаҵахар ҟалоит…
Автор иҩымҭақәа ихадоу зеиԥш цәаҩас ирымоу, шамахамзар, ҳазну аамҭа иахьазку ауп. Иаҳҳәап, ироманқәа "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Анымираҳ- ҩыџьа рынцәахәы" аԥсуа қыҭа 1930-тәи ашықәсқәеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи, уи иацааиуаз раԥхьатәи ашықәсқәеи ирыхьӡынҩылоуп. "Абна амаӡа" акәзар, Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку, раԥхьаӡатәи документалтә романуп.
Алықьса Џьениа ирҿиамҭақәа аӡәымкәа-ҩыџьамкәа ҳҵарауаа хатәрақәа, ҳакритикцәа рыхцәажәахьеит, ма хаз-хазы игоу аҩымҭақәа, мамзаргьы ирҿиаратә усура инеидкыланы ахыркәшаратә ҟазшьа змоу азеиԥш хҳәаақәа рҿы (А. Аншба, С. Зыхәба, В. Бигәаа, У. Аҩӡба, М. Лашәриа, Б. Гәыргәлиа, Р. Қапба рыстатиақәа, рочеркқәа, ррецензиақәа).
Уажәы ҳазааҭгылап иааркьаҿӡаны ашәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Џьениа инысымҩа:
Џьениа Алықьса Камыгә-иԥа диит жәабран 21 1930 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. Аҷандаратәи абжьаратә школ далгеит 1949 шықәсазы, 1955 шықәсазы - Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. 1973-1975 шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт иреиҳау акурсқәа рҟны. Аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акорреспондентс, акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә ҟәша аиҳабыс, ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс, аредактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аредактор хадас, Аԥсны ашәҟәыбзиабаҩцәа ргәыԥ анапхгаҩыс.
Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. 1977-1978 шш. раан Қырҭтәыла амчрақәа Аԥсны имҩаԥыргоз ассимилиациатәи амилаҭеилыхратәи аполитика иаҿагылаз ақәԥара дахьалахәыз (130-ҩык аԥсуа интеллигенциа рнапы зҵаҩыз "Аԥсуа шәҟәы" ҳәа захьӡхаз, КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежнев уҳәа рыхьӡала ишьҭыз) азы ажурнал "Алашара" аредактор хадас даныҟаз имаҵура дамырхит.
Ҳаԥсуа ԥхьаҩы, еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Џьениа ишәҟәқәа хәтомкны ишҭыҵхьоу исырдырыр сҭахуп. Урҭ 2010 шықәса рзы аҭыжьра иалагеит Аԥснытәи ҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа, иагьалгеит 2023 шықәсазы. Аиашазы, сара даара гәык-ԥсык ала ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп аԥхьаҩык иаҳасабала ҳашәҟәыҩҩы, Аԥсны "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭа" аиҳабы Даур Наҷьҟьебиа, иара убасгьы уи аус адызулаз аредакторцәа инадыркны акорректорцәеи, асахьаҭыхҩи рҟынӡа. Аизга даара гьама ҳаракыла иҭыжьуп, насгьы ашәҟәыҩҩы иналукааша иажәабжьқәеи, иочеркқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи акы иаҩымсит. Ари ҳамҭа дууп, избанзар, аԥсуа ԥхьаҩ арҭ ашәҟәқәа аҩны имазар, Алықьса Џьениа ирҿиара зегьы ишиҭаху дагәылаԥшуа, ифырхацәа рыԥсҭазаарақәа зегьы иаԥхьа ииасуа иҟалоит!..
Апсуа жәлар насыԥ ҳамоуп абасеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа дуқәа аамҭак ҳахьрыцаныз, рҩымҭақәа бзиа ибаны ҳахьрыԥхьоз, ҳахьырзыӡыҩруаз, рнапқәа ахьрымаҳхуаз, иахьагьы урҭ рфырхацәеи ҳареи ԥсҭазаарак аҿы ҳахьеилагылоу, иахьҭаҳҵаауа, ҳахьрыхцәажәо…
Акызаҵәык, ҳара иҳалҳаршароуп уаҵәы игыло абиԥара ҿа, Алықьса Џьениеи иара еиԥш иҟоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа дуқәеи рырҿиара ашьҭыхра, урҭ бзиа ибаны иаԥхьалартә агьама дыркра, ҳара ҳанхәыҷқәаз еиԥш, рыхчқәа ирыҵаҵан ицәалартә, урҭ рфырхацәа хадақәеи дареи убриаҟара еизааигәахартә, ԥсҭазаара мҩак еицанушәа!..