АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Урыстәыла ахахьы иагаз ахыдҵақәа инарықәыршәаны Аҟәа адиспансеризациазы аҳақьымцәа ааны иҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп апрограмма "Жить здорово" амҩаԥгаҩ Андреи Продеус, иара аиммунологиатә чымазарақәа змоу ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
Ахәыҷқәа рдиспансеризациазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Бадра Гәынба Москва даныҟаз.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы Продеус аконсультациақәа, адиагностикатә гәаҭарақәа мҩаԥигеит, апациентцәа хәыҷқәа досу хаҭала инаалаша агәаҭарақәеи ахәышәтәра атактикақәеи алихит.
Иара убас, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иколлегацәеи иареи реилацәажәара мҩаԥысит. Иара ахәшәқәа рылҩааразы аԥҟарақәа, урҭ рхәарҭара, ахәшәтәра амҩаԥгашьа уҳәа ирызкыз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аҳақьымцәа еиҭарҳәеит зегь реиҳа иуадаҩу ахҭысқәа ртәы, урыстәылатәи аспециалист абжьгарақәа риҭеит ас еиԥш иҟоу ачымазцәа анаҩстәи рыхәшәтәра шымҩаԥгатәу азы. Аԥсуа ҳақьымцәа рӷьырак Урыстәыла аҵара роуит, аха Урыстәылатәи амедицинатә практика (ауааԥсыра еиҳа ирацәаны иахьынхо атәылаҿы) иуадаҩу ачымазарақәа рдиагностикаҿы аԥышәа ду аиура алнаршоит. Урыстәылатәи аспециалистцәеи дареи русеицура Аԥснытәи аҳақьымцәа ирылнаршоит адиагнозқәа ииашаны рышьақәыргылара аизырҳара.
"Урыстәылатәи ҳколлега абжьгарақәа ҳаиҭеит ачымазаҩ дышыхәышәтәтәу, хшыҩзышьҭра зҭатәу. Ас еиԥш аҭаарақәа даара иаҭахуп, избан акәзар акадрқәа ҳазхом", — ҳәа лҳәеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Гәашьа Ҵәыџьԥҳа.
Аҭаацәагьы ахә ҳаракны иршьеит урыстәылатәи аспециалистцәа раара.
"Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҳара ҳахь раара даара акраҵанакуеит, избан акәзар Аԥсны аиммунологцәа ҳамаӡам. Ҳара иаҳҭахуп урҭ лассы-лассы иаҳҭааларц", — лҳәеит ахәыҷқәа руаӡәк иан Ҳамида.
Продеус иакәзар, иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара ргәабзиарагьы акыр шаҵанакуа иҳәеит.
"Ари ҳара иаҳҩызоу ҳәынҭқарроуп, сара гәыкала сырзыҟоу уи ажәлари адгьыли. Ҳара агәаҭарақәа ахәыҷқәа рыла ҳалагоит, ажәытә аурыс жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, ибыргугьы, ихәыҷугьы — зегь еиԥшуп. Аӡәырҩы ирымоу апроблемақәа еиԥшуп. Убри азы ҳара аиҳабыратә абиԥара ишақәнагоу ҳреиҷаҳалароуп", — иҳәеит Продеус.
Ахәыҷқәа рдиспансеризациа Аԥсны зегьы амҽханакуеит, амедикцәа лаҵарамза анҵәамҭанӡа 25 нызқьҩык инареиҳаны ауаа ргәаҭара ргәы иҭоуп.