Аԥсны

Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аартызаауеит Аҟәа хәажәкыра анҵәамҭанӡа

Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аҿы Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа "Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рдиалог" аҭааҩцәа рзы иаартуп хәажәкыра 30 рҟынӡа.
Ацәыргақәҵаҿы Аԥсни Ҟрыми рҟазацәа ҿарацәа русумҭақәа ӡыргоуп. 2023 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥысуаз академиатә ҟазаратә школ "Таврида" иалахәыз Ҟрымтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 30 инареиҳаны ицәыргоуп.
Аԥсны ахьӡала уи иалахәуп арҿиаратә еиҭныԥсахлареи иаарту адиалоги иазхиоу асахьаҭыхыҩцәа гәыԥҩык.
Ари ацәыргақәҵа азеиԥш усмҩаԥгатәқәа рцикл иахәҭакуп. Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук иазгәалҭеит ари ахҭыс аԥсны асахьаҭыхцәеи атәыла зегьи рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.
Аҟәатәи аҳәынҭкарратә сахьаркыратә школ адиректор Амиран Адлеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭыс аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.