https://sputnik-abkhazia.info/20250222/asni-rymi-rsakhaykhytsa-rtsyrgaa-aartyzaaueit-aa-khazhkyra-anamana-1053868771.html
Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аартызаауеит Аҟәа хәажәкыра анҵәамҭанӡа
Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аартызаауеит Аҟәа хәажәкыра анҵәамҭанӡа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аҿы Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа "Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рдиалог"... 22.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-22T14:56+0300
2025-02-22T14:56+0300
2025-02-22T15:07+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/13/1050215867_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6da05dfbded8620b84c2828293fefe0f.jpg
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аҿы Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа "Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рдиалог" аҭааҩцәа рзы иаартуп хәажәкыра 30 рҟынӡа. Ацәыргақәҵаҿы Аԥсни Ҟрыми рҟазацәа ҿарацәа русумҭақәа ӡыргоуп. 2023 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥысуаз академиатә ҟазаратә школ "Таврида" иалахәыз Ҟрымтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 30 инареиҳаны ицәыргоуп. Аԥсны ахьӡала уи иалахәуп арҿиаратә еиҭныԥсахлареи иаарту адиалоги иазхиоу асахьаҭыхыҩцәа гәыԥҩык. Ари ацәыргақәҵа азеиԥш усмҩаԥгатәқәа рцикл иахәҭакуп. Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук иазгәалҭеит ари ахҭыс аԥсны асахьаҭыхцәеи атәыла зегьи рзы иныҳәа дуны ишыҟоу. Аҟәатәи аҳәынҭкарратә сахьаркыратә школ адиректор Амиран Адлеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭыс аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/13/1050215867_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_babf90768f95f0ee14d9fee1e612acb9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аҿы Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа "Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рдиалог" аҭааҩцәа рзы иаартуп хәажәкыра 30 рҟынӡа.
Ацәыргақәҵаҿы Аԥсни Ҟрыми рҟазацәа ҿарацәа русумҭақәа ӡыргоуп. 2023 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥысуаз академиатә ҟазаратә школ "Таврида" иалахәыз Ҟрымтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 30 инареиҳаны ицәыргоуп.
Аԥсны ахьӡала уи иалахәуп арҿиаратә еиҭныԥсахлареи иаарту адиалоги иазхиоу асахьаҭыхыҩцәа гәыԥҩык.
Ари ацәыргақәҵа азеиԥш усмҩаԥгатәқәа рцикл иахәҭакуп. Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук иазгәалҭеит ари ахҭыс аԥсны асахьаҭыхцәеи атәыла зегьи рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.
Аҟәатәи аҳәынҭкарратә сахьаркыратә школ адиректор Амиран Адлеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭыс аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.