Аԥсны

Риҵатәи ареликттә парк аҭааҩцәа рзы иаартуп

Риҵатәи амилаҭ парк аҭалараз иадыркит жәабран 18 рзы, асы еимаҳан иахьлеиуази аӡиа иахьхҵаалази ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Риҵатәи ареликттә парк аҭааҩцәа рзы иаартуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергениа.
"Аҭагылазаашьа иааизакны араҟа абжьааԥны аӡынразы ишыҟоу еиԥшуп: аҳауа хьшәашәароуп, иҵаауеит. Амҩақәа иҵаахҵәырароуп, аха ҳтехника асы ықәнагахьеит, есышьыжь амҩақәа аԥслымӡ рықәҳԥсоит", — иҳәеит иара.
Џьергени иажәақәа рыла, макьана асасцәа рацәаҩӡам, аха Аԥсны ауааԥсыреи атуристцәеи апарк ахь иаауеит рхатәы машьынақәеи, мамзаргьы аекскурсиатә автобус маҷқәеи рыла.
Аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа аҳауа аԥхарра уахынла -7 градуск илеит, ашьыжь жәабран 23 рзы -2 градус рҟынӡа аҵаа ыҟан.