АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 20 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба ҭархан Орловтәи аобласт аҿы, ԥшьба-ԥшьба ҭархан Белгородтәии Курсктәи аобластқәа рҿы.
Даҽа х-дронк Липецк аобласт аҟны, ҩба-ҩба ҭадырхеит Тулатәии Воронежтәи аобластқәа рҟны.