АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы аџьартә ныҟәара.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) адинмаҵзуҩцәеи ауахәама аҭааҩцәеи дрыцны Аҟәатәи Акафедралтә уахәама аҟынтәи аҳҭнықалақь амҩадуқәа шьапыла дырнысит.
"Ҳара Анцәа ҳиҳәоит ҳара-ҳара ҳаиҿамгыларц, ҭынчрыла анхара ҳамазарц, аимак-аиҿакқәа зегьы Анцәа иажәа амҩала рҭыԥ иқәаҳҵаларц. Ауаа рыбжьара аиҿагыларақәа, аиӷаратә еизыҟазаашьақәа ҟамлароуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ААУ ахада.
Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы рыбзазара аиӷьхаразы рҽазыршәалароуп акзаара ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
"Ҳара иаҳҭахуп ҳаԥсуа ҳәынҭқарраҿы акзаара ыҟазарц, ҳауаажәлар зегьы аҳәынҭқарраҿы ирҭаху зегьы роурц рылзыршо аӡбарақәа зегьы рҟны акзаара ыҟазарц", — ҳәа иҳәеит аб Виссарион.