АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Сириуси Аҟәеи (Аԥсны) рыбжьара афымцадәыӷба ццак ҿыц ала аныҟәара аамҭа 3 сааҭки 20 минуҭи ракәхоит. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Ахаша Кириенко "Урыстәылатәи аихамҩақәа" рхаҭарнакцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, уаҟа ирзааҭгылеит Сириуси Аҟәеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа ибжьалараны иҟоу афымцадәыӷба ццак амҩақәҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рганахь ала аҵыхәтәантәи аӡбарақәа .
"Аӡбарақәа зегьы ҳадаҳкылеит, уаҵәы (аԥшьаша, жәабран 27) актәи аԥышәаратә реис мҩақәҵахоит, лаҵара 1 инаркны афымцадәыӷба иааиԥмырҟьаӡакәа аныҟәара иалагоит", — иҳәеит Кириенко. — "Урыстәылатәи аихамҩақәа" ахәшьарала Имиретиатәи аԥшаҳәа (Сириус афедералтә ҵакыра) инаркны Аҟәанӡа адәыӷба аныҟәара 3 сааҭки 20 минуҭи аамҭа аҭаххоит. Иара раԥхьа иргыланы Шәача, Имиретиатәи аԥшаҳәа, Аҟәа рҭыԥантәи ауааԥсыра рзы ишыманшәалахаша иныҟәалоит.
Иара иазгәеиҭеит адәыӷбақәа астанциақәа "Имитретиатәи акурорти" "Аҟәеи" рҟынтәи шьыжьла, заа ишықәҵуа, ахәылбыҽхарахь ианнеиуа ишыхынҳәуа. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭаз ала, абилеҭ ахә 380 мааҭ ҟалоит.
"Ари "Ласточка" абилеҭ ахә аасҭа хынтәны еиҵоуп" ҳәа азгәеиҭеит Кириенко. Иҳәеит адәыӷба ҿыц "Ласточка" ҳәа ахьӡ шамоуа.
"Аԥснытәи ҳколлегацәа адәыӷба ахьӡ алхразы Аԥсны азин аҭазарц аҳәара ҟарҵеит, "Урыстәылатәи аихамҩақәа" рнапхгареи ҳареи уи ҳақәшаҳаҭхеит", — ҳәа иҳәеит Кириенко. - Сара сгәанала ииашахоит чынуаҩык ма напхгаҩык игәаанагара аасҭа ауааԥсыра ргәаанагара".
Уи адагьы, Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа ирыӡбоит адәыӷба ҿыц зеиԥшрахараны иҟоу.
"Уаҵәы, ари аԥышәаратә ныҟәараан, адәыӷба авагонқәа руак Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа ирыҭахоит, урҭ апроектқәа ҳадыргалоит, адәыӷба зеиԥшрахо азы ", - ҳәа азгәеиҭеит Кириенко. - Асахьаҭыхыҩцәа, зескизқәа алырхуа "Урыстәылатәи аихамҩақәа" адәыӷба аныршәуа аамҭазы азауад ахь инарыԥхьоит. Урҭ ироуеит алшара зегьы дара ишҭырхыз еиԥш иҟоу-иҟаму рбарц, адәыӷба ашәра алагаразы аҳәынҵәра "алагара" иақәыӷәӷәарц ".