Аԥсны

Шәачантәи Аҟәаҟа иааит раԥхьатәи адәыӷба "Ласточка"

Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, иццакуа адәыӷба ҿыц ахьӡ Аԥсны иалххоит, адизайн аус адырулоит асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Шәачантәи Аҟәаҟа иааит раԥхьатәи адәыӷба "Ласточка".
"Сириус", "Имеретиатәи акурорт" ("Аолимпиатә парк" ҳәагьы иашьҭоуп) аангыларҭа аҟынтәи иҷыдоу ареис Аҟәаҟа иааит.
"Аҟәаҟа еиҳа ирццакны, иманшәаланы ааразы алшара ыҟоуп", — ҳәа лҳәеит адәыӷба апассаџьыр Шьаризан Шьакаиаԥҳа лцәаныррақәа аарԥшуа.
Атранспорт аганахь ала, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара есышықәса аизҳара иаҿуп, убри азоуп ари адәыӷба аныҟәара залырхызгьы ҳәа иҳәеит "Урыстәылатәи аихамҩақәа" рдиректор ихаҭыԥуаҩ Иван Колесников.
Иара иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала иааиԥмырҟьаӡакәа аныҟәара азгәаҭоуп лаҵара 1 инаркны.
"Ласточка" адагьы идәықәҵахоит иманшәалоу, иахьатәи аамҭа иақәшәо афымцадәыӷбақәа EP2DM, ма EP2D ҳәа азгәеиҭеит Колесников.
"Шәача сынхоижьҭеи аа-шықәса рыҩнуҵҟа зныкгьы Аԥсныҟа смаацызт. Ас еиԥш иманшәалоу аҭагылазаашьа ари атәыла ԥшӡа иаҭаауа рхыԥхьаӡара еизнарҳауеит", — ҳәа лҳәеит актәи ареис апассаџьыр Русанна.
Иазгәаҭоуп афымцадәыӷбақәа ауаа рацәа шааргало ҳәа азгәеиҭеит адәыӷба иаԥылаз аполитик Бадра Гәынба.
"Сгәыӷуеит, адәыӷба мышкахьы изныкымкәа аныҟәара иалагап ҳәа", — иҳәеит иара.
Адәыӷба аԥсуа жәлар рзы асимволтә ҵакы змоу ахьӡ ахҵаразы аицлабра рылаҳәахоит иҳәеит аполитик. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ асимволқәа рыла адәыӷба ашәразы ажәалагала ҟаҵоуп.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко уаанӡа Сириус аҟынтәи Аҟәаҟа адәыӷба аныҟәара хара имгакәа ишалагахо атәы далацәажәахьан. Иара иажәақәа рыла, абилеҭ ахә 380 мааҭ иаԥсахоит.
Аԥсны
Афымцадәыӷба ҿыц Сириус-Аҟәа жәабран 27 рзы аусура иалагоит