АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭарақәа аҩбатәи атур иалагеит.
Актәи атур аҿы аиааира згаз Бадра Гәынбеи (46,38%) уи иаоппонент Адгәыр Арӡынбеи (36,92%) аҳәынҭқарра ахада имаҵураҭыԥ азы еицлабуеит.
Абжьыҭаратә сиақәа рҿы иарбоуп 134 500-ҩык алхыҩцәа, урҭ рҟынтәи 25% иреиҵамкәа рыбжьы арҭар алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡахоит.
Атәыла ахадарахьы далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит, иаоппонент иоуз абыжьқәеи "зегьы ирҿагыло" аграфаҿы иарбоу абыжьқәеи реиҳа еиҳаны абжьы зауз акандидат. Акандидатцәа аӡәгьы далхымхар, Алхратә комиссиа хада ҿыц алхрақәа мҩаԥнагоит.
Атәылаҿы иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, даҽа ҩба аҳәаанырцә – Москвеи Черқьесски аус руеит.
Алхрақәа рымш аҽны 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит. Абжьыҭара хыркәшахоит хәажәкыра 1 асааҭ 20:00 рзы.