Аԥсны

Тҟәарчал араион аҿы инхо ахаҵа даанкылоуп аԥҳәыс дишьит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Уарча ақыҭан инхо Лиа Гурцкаиа дшыӡыз азы адырра ҟалеит хәажәкыра 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы инхо ахаҵа даанкылоуп ауаҩшьразы гәҩарас дҟаҵаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Уарча ақыҭан инхо, 59 шықәса зхыҵуа Лиа Гурцкаиа дишьит ҳәа гәҩарас дрымоуп 34 шықәса зхыҵуа Беглар Чачуа.
Хәажәкыра 2 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәшахьы Гурцкаиа дшыӡыз азы адырра ҟалеит, анаҩс лԥсыбаҩ абнаҿы иԥшаан, Очамчыра аганахьала 50 метра ареспубликатә мҩаду хада инацәыхараны.
Аҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.
Аԥсны
Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык аанкылоуп