Аԥсны

Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык аанкылоуп

Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлеит атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аан, хәажәкыра акы азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык аанкылан хәажәкыра 5-6 руха ҳәа аанацҳауеит "Аԥсны.Иахьа", атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭас иганы.
Иаанкылоуп 46 шықәса зхыҵуа Адамыр Ԥачалиа, 49 шықәса зхыҵуа Баҭал Ԥачалиа, 33 шықәса зхыҵуа Ҭемыр Ԥачалиа, 46 шықәса зхыҵуа Алхас Мқанба, 44 шықәса зхыҵуа Анри Ҳагба, 50 шықәса зхыҵуа Ахра Ԥачалиа, 35 шықәса зхыҵуа Саид Арӡынба.
Дара ирымхын хыԥхьаӡара рацәала абџьар – автоматқәа, атапанчақәа, агранатақәа.
Уаанӡа, ари аус ала азинхьчаратә усбарҭақәа хҩык ааныркылахьан: Рафаель Гәазаа, Игор Орчыҟәба, Нурик Смыр.
Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлеит атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аан, хәажәкыра акы азы. Ацәгьоуцәа ахысра аадыртит, абжьыҭаратә кәылаԥ абиуллетенқәа шҭаз иаадырҳәит. Дара абналара рҽаназыршәа Аҳәынҭавтоинспекциа аусзҩцәа Мысратәи агәаҭаратә ҭыԥ аҟны раанкыларазы иҟарҵаз адҵақәа ирықәымныҟәакәан ахысра иалагеит. Аиҿахысрақәа рышьҭахь амашьынақәа руак аныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан ажра дҭаҳаит.