Аԥсны

Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы иаԥҵоу аҳәынҭкомиссиа аилатәара мҩаԥысит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа шцо еиҭарҳәеит.
Аԥсны аԥыза-министр ин.н. актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба инапхгарала иахьа имҩаҧысит аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара.
Иара убас, аизараҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа аматериалтә цхыраара рыҭара азҵаара иалацәажәеит.
Иааизакны Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәызи урҭ ираҟаратәуи 40-ҩык раҟара.