Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс мцҳәарыла имҩаԥылгаз аусқәа рзы фышықәса аҭакра лықәшәар алшоит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны инхо атәылауаҩԥҳәыс Белореченсктәи араион аҿы "Ан лмал" аганахь ала имҩаԥылгаз амцҳәараз фышықәса абахҭа дҭаркыр алшоит.
38 шықәса зхыҵуа аԥҳәыси ацәгьа лыцызуыз Шәача инхоз аԥҳәыси Белореченск инхо ауаҩы иҳәеит ацхыраара азы 100 нызқь мааҭ ширҭо агәра ирганы.
Иара ҩ-ҳаблак рҿы аҩнқәа рзиԥшааит, урҭ раахәаразы аҭыԥантәи акредиттә кооператив аҟны аԥара аԥсахраз дрыцхрааит.
Ахара здырҵо Атәанчахә фонд ахь ииашамыз адыррақәа нарышьҭит, ауал хадеи апроцентқәеи ршәаразы 900 нызқь мааҭ инареиҳаны ироуит.
Дара иахьынхаша ҳәа акгьы аарымхәаӡеит, аԥара дара ишырҭахыз рхы иадырхәеит.