АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Арратә прокурор Руслан Ҭарба аамҭала Аԥсны Апрокуратура хада напхгара азиулоит, уи аиҳаб ҿыц дарҭаанӡа ҳәа Sputnik адырра арҭеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡоз апрокурор актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа изинмчқәа рыҿҳәара нҵәеит хәажәкыра 13 рзы.