Аԥсны

Урыстәыла Аекономҿиара аминистрра Аԥсныҟа атурқәа рыҭира аԥкразы абжьгарақәа аԥнахит

Абҵара 15 рзы Аекономикатә ҿиара аминистрра абжьгарақәа ҟанаҵеит атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рыҭира аамҭала иааныркыларазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рыҭира аԥкразы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит, абри атәы аҳәоит аусбарҭа асаит аҟны.
"Иахьатәи аамҭазы ​​Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Абри инамаданы, Аекономикатә ҿиара аминистрра иҟанаҵаз абжьгарақәа аԥнахуеит, насгьы Аԥсны иаҭаауа атуристтә аалыҵқәа рыҭира аиҭахацыркразы адырра ҟанаҵоит", - ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.
Уаанӡа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра урыстәылауаа ареспублика раҭаара аанкыларазы иҟанаҵаз абжьгарақәа аԥнахит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы атуристтә хықәкқәагьы.
Аԥсны
Урыстәыла АдәАР урыстәылауаа Аԥсны раҭаара аанкыларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит