Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа уахыкала Украинатәи адронқәа 57 ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа хәажәкыра 18-19 руха атәыла аҵакыраҟны украинатәи адронқәа 57 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Курсктәи аобласт иахьаҵанакуа ажәҩан аҟны иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 35, Орловтәи аобласт аҿы - 13.
Азовтәи амшын инахыкны быжь-дронк ҭархоуп, акака - Тулеи Бриански аобластқәа рҿы.