АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Киев анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҟынтәи 175-ҩык урыстәылатәи аруаа дырхынҳәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи аҭакс, Урыстәылатәи Афедерациа итҟәаны ирымаз украинатәи аибашьцәа 175-ҩыки иара убас, Урыстәыла иаанырԥшыз агәыҳалалрала ӷәӷәала ихәу 22-ҩы аруааи Украинаҟа ирырҭеит.
Урыстәылатәи аруаа уажәазы Белоруссиа иҟоуп, иаарласны урҭ ареабилитациа рахыжьреи рыхәшәтәреи рзы Урыстәылаҟа идәықәҵахоит.
Аиҭныԥсахраан бжьаҟазара ауан Еиду Арабтәи Аемиратқәа.