Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 59 ҭархоуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа хәажәкыра 22-23 руха Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 59 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Ростовтәи аобласт ажәҩан аҿы иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа️ 29. Ажәылара иахҟьаны Морозовск — Цимлианск амҩаду хадаҿы амашьына амца акит, аӡәы дҭахеит.
Астрахантәи аобласт аҿы иҭархоуп 20 дрон. Хԥа-хԥа — Воронежтәии Волгоградтәии аобластқәа рҿы, Ҟрым инахыкны иҭархоуп ҩ-дронк, акака - Курсктәии Саратовтәии аобластқәа рҿы.