АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны изакәанымкәа археологиатә жрақәа рымҩаԥгаразы ахара дырџьбароит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Ажҩы еиқәаҵәақәа акрызҵазкуа аҭоурыхтә артефактқәа ыҵхны аҳәаанырцә иргоит, Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха убри ала ааха арҭоит ҳәа инаҵшьны иҳәеит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба.
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ахантәаҩы Гарик Сангәлиа иазгәеиҭеит русура ишаԥырхагоу атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәаламреи 2014 шықәса рзы русбарҭа иазыруз аиҭеиҿкаареи. Иара игәаанагарала, аштатқәа ирыцҵатәуп, афинансқәа рзоужьра иазырҳатәуп.
Иара убас абаҟақәа аинспекциа рзуразы агәыԥқәа раԥҵара зҵаара дуны иқәгылоуп.
Аилацәажәара алҵшәақәа рыла Аминистрцәа реилазаара аппарат адҵа аҭоуп изакәанымкәа археологиатә жрақәа рымҩаԥгаразы ахара зырџьбаро Ашьаустә закәанеидкылеи Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкылеи рахь аиҭакрақәа аус аднауларц.