Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Аҟәа аҩнеихагылақәа рыԥшра аиҭашьақәыргылара иазкны

Sputnik
Аҟәа ахадареи Москва аиҳабыреи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы, Урыстәыла аҟазауаа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аҩнеихагылақәа хԥа рыԥшра еиҭашьақәдыргылоит. Аусураҿы ахархәара змоу ахархәагақәеи атехникеи Аԥсны иазаанрыжьуеит. Ихадаратәны убасгьы иҟоуп аҭыԥантәи аҟазауаа разыҟаҵара анаҩстәи аусурақәа рыцҵаразы. Аиҭашьақәыргылара иақәшәаз Ешба имҩаҟны игылоу аҩны зҵазкуа Аҩнусбарҭа № 4 аиҳабы Алхас Кәыҵниа еиҭеиҳәеит уи аҟазауаа иахьынӡанаргахьоу, насгьы аусбарҭа аҿаԥхьа ицәырҵуа есҽнытәи азҵаарақәа ӡбашьас ирырҭо атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.