АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атеатр аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьа ареспубликаҿы қәҿиарала аус зуа атеатрқәа ԥшьба шыҟоу, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр, РУСДРАМ, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр.
"Шәара аԥсуа хәаԥшҩы иестетикатәи иморалтәи ааӡараҿы шәлагала дууп, шәҟазара агәацԥыҳәара ҳазцәырнагоит, ҳархәыцуеит, аԥшӡара абареи аҟазара аилкаареи ҳнарҵоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Гәынба атеатрқәа ртруппақәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, арҿиаратә аартра ҿыцқәа, ҵыхәаԥҵәара змам ахәаԥшцәа рыбзиабара.