АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" дистанциала аҩбатәи ахәҭа хацыркхеит.
Алахәылацәа сааҭки бжаки рырҭоит анапхгараҭаразы ирымоу алшарақәа рԥышәаразы. Аԥышәара ахатә аккаунтқәа рҿы ахархәарахь инеихьеит, иара аамҭала иԥку хә-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп:
️10 минуҭк аҽазыҟаҵаратә дҵеи атест аилкаареи рзы;
️35 минуҭ аӡбара адкыларазы адҵазы;
️20 минуҭ акеисқәа рзы;
15 минуҭ — агәаанагарақәеи азнеишьақәеи;
5 минуҭк— анапхгаратә стиль.
Адҵақәа нагӡатәуп хәажәкыра 30 асааҭ 11:59 рзынӡа.
Аицлабра актәи ахәҭа иахысит 591-ҩык, зынӡа 3293-ҩык арзаҳалқәа нарышьҭит.