Аԥсны

Ареспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" аихшьаалақәа ҟаҵоуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Ареспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Аҳәынҭқарратә филармониаҿы 40-ҩык инареиҳаны артист ҿарацәа злахәыз аконцерт ду мҩаԥысит.
Агран-при ранашьахеит Сариа Арӡынԥҳаи Александра Черқьезиаԥҳаи.
Фышықәса инаркны 20 шықәса аҟынӡа ақәратә категориақәа зегьы рҿы ԥшьҩык-ԥшьҩык аԥхьахәгаҩцәа алхын.
Артистцәа рықәгылара ахәшьара арҭон – Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәынԥҳа, аԥсуа естрада артистка, арҵаҩы Манана Братухина, ашәаҳәаҩ Авҭандил Конџьариа.