Аԥсуа бызшәазы акурсқәа иахьазы имҩаԥысуама, ишԥеиҿкаау, иарбан лшарақәоу ирзаԥырҵо урҭ рҭааҩцәа, абызшәа зҵарц зҭахуы ыҟоума, апрограмма иалагалоума абызшәа ирласны аҵара иацхрааша ҿыцрақәак, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
2023 шықәса аахыижьҭеи Абызшәатә политиказы аусбарҭа имҩаԥнаго проект дуны иҟоуп акурсқәа, лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
"Иааиԥмырҟьаӡакәа Аҟәа акурсқәа аус руеит, арҵаҩцәа ҳамоуп. Актәи агәыԥ деиҳабуп Лиуба Цәеиԥҳа, аҩбатәи Адгәыр Шьынқәба. Аӡәы ԥшьымзгьы изхоит аҵаразы, даҽаӡәы иҵегьы ациҵароуп. Аихшьаала ҟаҵаны, аԥышәара мҩаԥганы, ираҳҭоит асертификатқәа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ааигәа 8-ҩык аршаҳаҭгақәа шрыҭаз абызшәатә курсқәа ишырхысыз ала.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.