https://sputnik-abkhazia.info/20250328/atylauai-aiabyrei-kyniaa-asua-byzsha-akursa-iryzkny-1054252213.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аԥсуа бызшәа акурсқәа ирызкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аԥсуа бызшәа акурсқәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәазы акурсқәа иахьазы имҩаԥысуама, ишԥеиҿкаау, иарбан лшарақәоу ирзаԥырҵо урҭ рҭааҩцәа, абызшәа зҵарц зҭахуы ыҟоума, апрограмма иалагалоума абызшәа... 28.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-28T10:58+0300
2025-03-28T10:58+0300
2025-03-28T10:58+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1b/1054252327_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_e155e2eb71f05544625528569db4227d.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аԥсуа бызшәа акурсқәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аԥсуа бызшәа акурсқәа ирызкны
Аԥсуа бызшәазы акурсқәа иахьазы имҩаԥысуама, ишԥеиҿкаау, иарбан лшарақәоу ирзаԥырҵо урҭ рҭааҩцәа, абызшәа зҵарц зҭахуы ыҟоума, апрограмма иалагалоума абызшәа ирласны аҵара иацхрааша ҿыцрақәак, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.2023 шықәса аахыижьҭеи Абызшәатә политиказы аусбарҭа имҩаԥнаго проект дуны иҟоуп акурсқәа, лҳәеит Кәыҵниаԥҳа."Иааиԥмырҟьаӡакәа Аҟәа акурсқәа аус руеит, арҵаҩцәа ҳамоуп. Актәи агәыԥ деиҳабуп Лиуба Цәеиԥҳа, аҩбатәи Адгәыр Шьынқәба. Аӡәы ԥшьымзгьы изхоит аҵаразы, даҽаӡәы иҵегьы ациҵароуп. Аихшьаала ҟаҵаны, аԥышәара мҩаԥганы, ираҳҭоит асертификатқәа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.Лара иазгәалҭеит ааигәа 8-ҩык аршаҳаҭгақәа шрыҭаз абызшәатә курсқәа ишырхысыз ала.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1b/1054252327_186:0:2915:2047_1920x0_80_0_0_7dc3460c62e28303a6a91b328d41b849.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Аԥсуа бызшәазы акурсқәа иахьазы имҩаԥысуама, ишԥеиҿкаау, иарбан лшарақәоу ирзаԥырҵо урҭ рҭааҩцәа, абызшәа зҵарц зҭахуы ыҟоума, апрограмма иалагалоума абызшәа ирласны аҵара иацхрааша ҿыцрақәак, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
2023 шықәса аахыижьҭеи Абызшәатә политиказы аусбарҭа имҩаԥнаго проект дуны иҟоуп акурсқәа, лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
"Иааиԥмырҟьаӡакәа Аҟәа акурсқәа аус руеит, арҵаҩцәа ҳамоуп. Актәи агәыԥ деиҳабуп Лиуба Цәеиԥҳа, аҩбатәи Адгәыр Шьынқәба. Аӡәы ԥшьымзгьы изхоит аҵаразы, даҽаӡәы иҵегьы ациҵароуп. Аихшьаала ҟаҵаны, аԥышәара мҩаԥганы, ираҳҭоит асертификатқәа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ааигәа 8-ҩык аршаҳаҭгақәа шрыҭаз абызшәатә курсқәа ишырхысыз ала.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.