Аԥсны

Иракли Хынҭәба Кирилл Лавров ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа даԥсахеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба аҳәаанырцә аурыс культура аӡыргараҿы илшамҭақәа рзы Кирилл Лавров ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа даԥсахеит.
Санкт-Петербург Тавридтәи ахан аҟны аҳамҭа ианеишьеит Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор хада Михаил Пиотровски.
Хынҭәба апремиа далауреатхеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩцәа — Лев Додин, Евгени Миронов, Юрии Александров даарываҟәыло.
Аҳамҭа аԥҵан 2025 шықәсазы СССР Жәлар рартист, Ленинградтәи адраматә театр Ду актиор Кирилл Лавров диижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз.