Аԥсны

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Кавказ азы аибашьра шцози уи аҵаки

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иазку апроект "Аԥсҭазаара аҳаҭыраз" аҭыжьымҭа ҿыц азкуп Кавказ ахақәиҭтәра. Уи аҵаки, ихадоу аетапқәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәоит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Аԥсуаа Аиааира Ду аҿы иҟарҵаз алагала Аԥсны, ма Кавказ мацара аҿы акәӡам иахьыҟоу, ҳажәлар еибашьуан аидыслара дуқәа рҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы, убри аан афырхаҵара ду аадырԥшит ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Кавказ азы аибашьра цон 1942 шықәса нанҳәамза инаркны 1943 шықәса ажьырныҳәамзанӡа. Санчара, Марыхә, Клыхәра акаҵәарақәа рҟны ицон аибашьра ӷәӷәаӡа. Анемеццәа х-хырхарҭак рыла Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵны Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа ақалақьқәа аанкыланы Қырҭтәылаҟа ицәырҵны ҭырқәтәылатәи агәыԥқәа рыҽрымадара рхықәкын.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.