Аԥсны

Аҟәеи Аҟәа араиони рыхәҭак аҟны аӡы ҟалаӡом аԥшьаша, мшаԥы жәаба рзы

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аҟәеи Аҟәа араиони рыхәҭак мшаԥымза жәаба рзы аӡы ҟалаӡом.
Аӡы аанкылара ахҟьоит Џьелиа имҩаду аҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Аӡы ҟалаӡом Турбаза, аишьцәа Занҭариаа, Ҷанба, Аԥсилаа, Кәыдрытәи амҩадуқәа рҿы, иара убас ақыҭақәа Ӡыгәҭеи Баслаҭеи рҿы.