Аҵарашықәс ахыркәшарахь инеиуеит, иааигәахоит аԥышәарақәа. Уи аус шԥеиҿкаахо сынтәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ин.н. Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Сынтәа аҵарашықәс хыркәшахоит лаҵарамза 22 рзы. Анаҩс ирылагоит аԥышәарақәа 11-тәи 9-тәи аклассқәа рҿы. Урҭ ҩ-формак рыла ишьақәгылоуп - ҩралеи ҿырҳәалеит, ҳәа азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Есышықәсатәи аԥсуазы тест ҳасабала имҩаԥысуаз агәаҭарақәа ракәзар, Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит, урҭ рхықәкы хада - ашықәс азы ахәыҷқәа ироуз адыррақәа рышьақәырӷәӷәара, шынанамыгӡаз. Агәаҭарақәа иаархәаз даҽа ҟазшьак иахҟьаны, рформа ԥсаххоит, ҳәа лҳәеит Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.