Аԥсны

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ "Артек" ахь амҩа иқәлеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ "Артек" ахь амҩа иқәлеит.
Агәыԥ 16-ҩык алахәуп. Дара ахәыҷтәы центр аҟны хымчыбжь иҟазаауеит — лаҵара 2 рҟынӡа.
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ада Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла, "Артек" аҭааразы алшара рыҭан аҵараҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз, ашколтә олимпиадақәа рҿы аиааира згаз ахәыҷқәа.
Ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы аԥснынтәи шәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа "Артек" иаҭааит. Ареспубликазы аквотақәа реизырҳара алыршахеит Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә усбарҭақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.