АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Суматәи аобласт, аиланхарҭа Журавка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уахыки-ҽнаки рыла Украинатәи Арбџьармчқәа Курсктәи ахырхарҭаҿы 420-ҩык инареиҳаны аруаа, акәылӡытранспартиор, ҩ-кәылӡмашьынак, 12 автомашьына, ԥшь-бзарбзанк, ԥшь-минаршәгак, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рнапхгаратә ҭыԥқәа ҩба рцәыӡит.