Аԥсны

"Владислав Арӡынба иԥсҭазаара аҟынтәи 80 еимгеимцара" ацәыргақәҵа аатит Приднестровие

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. "Владислав Арӡынба иԥсҭазаара аҟынтәи 80 еимгеимцара" захьӡу ацәыргақәҵа аатит Приднестровие иҟоу ареспублика аофициалтә хаҭарнакраҿы, абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Ацәыргақәҵа иаҭааит Тираспольтәи Суворов ихьӡ зху арратә ҵараиурҭа аҵаҩцәа. Урҭ ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы иԥсҭазаара атәы еиҳа инарҭбааны еилыркааит, аӡыргара "Аԥсны аҵеи ду иԥсҭазааратә мҩа" иазыӡырҩит
Аԥсны раԥхьатәи ахада диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы. 2025 шықәса ареспубликаҿы Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.
Аԥсны
2025 шықәса Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп