Аԥсны

Аицлабра "Аԥсны акоманда" ахәшьаратә ԥышәарақәа хыркәшоуп

Анапхгаратә еицлабра ахыркәшаратә хәҭа 80-ҩык инареиҳаны рхы аладырхәит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" ахәшьаратә ԥышәарақәа хыркәшоуп.
Иахьа ирылаҳәахоит аиааира згаз 20-ҩык рыхьӡқәа. Дара Урыстәыла афедералтәи арегионқәеи рнаԥхгаратә усбарҭақәа рҿы аԥышәахысразы алшара роуеит.
Уи адагьы, афинал аҟынӡа инеиуа алахәылацәа зегьы "Сенеж" иаԥҵоу иҷыдоу апрограмма рхы аладырхәыр рылшоит.
"Аԥсны акоманда" мҩаԥысуеит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа адгыларала. Апроект аусура иалагеит жәабран 12 рзы, уи алахәхаразы хнызқь инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭын.
Аԥсны
"Сенеж" апрограмма ҿыц аԥырҵоит "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рзы