Аԥсны

Гагратәи аӡыҭгагатә станциа аусура еиԥҟьеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Гагра аӡы аанкылоуп асааҭ 07:00 инаркны аӡыҭгагатә станциа "Ҳаԥырҩаш" аҟны авариа ахьыҟалаз иахҟьаны.
Аҟазацәа аӡы ҩаԥхьа идәықәларц азы аусурақәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит аҭыԥантәи "Аӡыршьҭра".