Аиааира Ду – 80

Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибаҟа еиҭашьақәдыргылоит Гәымсҭа ақыҭан

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибаҟа еиҭашьақәдыргылоит Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан.
"Иара ҳқыҭа далҵит, ҳашкол аҟны аҵара иҵон. Ишырҳәо ала, иара аҵара бзианы иҵон, даара дҿырԥшыган, деилҟьан, уи азы акәхап иаԥхьаҟагьы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ дзаԥсахазгьы", — лҳәеит ашкол аиҳабы Анаид Калаиџьан.
1967 шықәсазы ашкол Чакриан ихьӡ ахырҵеит, 1985 шықәсазы ашкол ашҭаҿы ибаҟа ргылан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭцәа ибаҟа иеихсит.
Абаҟа ҿыц ргылан 2015 шықәсазы, аха маҷк иԥхасҭахеит. Иахьа аиҭашьақәыргылара иаҿуп Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд.