Аԥсны

Жәлар Реизара адепутатцәа азакәан "Арепатриантцәа рзы" ахь ариашарақәа рыдыркылеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аконституциатә закәан "Арепатриантцәа рзы" ахь ариашарақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала.
Ариашарақәа аҳәынҭқарратә репатриациатә программа афинанстә цхыраара ахыҵхырҭақәа рыԥсахра иазырхоуп.
Иаку асоциалтә шәахтә азы азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит ашәахтә хк-ҿыц аԥҵара: Амҩатә фонд аламҵакәа, егьырҭ абиуџьет анҭыҵтәи афондқәа рахь иҟоу ашәатәқәа рҭыԥан – иаку асоциалтә шәахтә.
Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы ахарџьқәа рхыҵхырҭа Аԥсны абиуџьеттә система абиуџьеттә ԥарақәа ракәхоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп "Арепатриациазы" азакәан ахь аиҭакрақәа рҿы.