АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа азакәан апроект "Иаку асоциалтә шәахтә азы" актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Иара абиуџьет анҭыҵтәи хә-фондк рхашәалахәы ахь ихымԥадатәиу ашәатәқәа рылгара ацынхәрас, иаку асоциалтә шәахтә ашьақәыргылара азгәанаҭоит.
Иаку асоциалтә шәахтә иамоу аԥыжәарақәа: ашәахтәзыԥҵәа 20 аҟынтәи 18% рҟынӡа алеи аусуцәа рулафахәы аҟынтәи 1% ахыхра аԥыхреи рыла ашәахтә ахьанҭара армаҷреи анаплакҩцәа рактивра еиҳа арҳаҵҳаҵареи; хаҭалатәи анаплакҩцәа ршәара ахьанҭара 9,5% аҟынтәи 5% рҟынӡа аиҵатәра; хаҭалатәи анаплакҩцәа тәанчахәыла реиқәыршәараз аҭагылазаашьақәа раԥҵара; ашәахтәшәаҩ абиуџьет ахь ишәарақәа рымҩаԥгареи напхгара рыҭареи армариара; аҳәынҭқарратәии иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарақәа рзы аҭагылазаашьақәа реиҟаратәра.
Азакәан апроект авторцәа инаҵшьны иазгәарҭеит, ашәатәқәа рырмаҷра шакәым зыӡбахә ҳәо. Ашәахтәқәеи абаџьқәеи рминистрра анапхгаразы аҭакԥхықәра адҵоуп, ахарџьқәа рзы аҭакԥхықәра здыло — аамҭақәак рышьҭахь иалкаахоит.