АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара ҿыц аиҿкаара шьаҭас иаиуит — аҳәынҭусбарҭақәа русура арманшәаларазы акыр шықәса аус здырулоз асистема, абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба.
Уи иалоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаа хәҩык, аминистррақәа 15, акомитетқәа жәба, иара убас аусбарҭақәа жәба.
"Аԥсны аминистрцәа реилазаара ашьақәгылашьа — ари аҳәынҭусбарҭақәеи урҭ рнапаҵаҟа иҟоуи зегьы русеицура арманшәалареи, ирыду аҭакԥхықәра ацклаԥшреи ауп", — иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла, аусбарҭақәа напхгара рырҭоит акомитетқәа, дара еицырзеиԥшу, аминистррақәа рнапаҵа иҟоу азҵаарақәа хылаԥшра рырҭоит. Аминистрцәа реилазаара аусушьа хылаԥшра арҭалоит аԥыза-министри уи ихаҭыԥуааи.
Аминистрцәа реилазаашьа аԥсахрақәа алагалатәуп, аха уи ас иаарласны иузыҟаҵо акакәӡам, избан акәзар, аҳәынҭубарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа аус зуа азакәанқәеи, аҳәынҭқаррабжьаратәии аусбарҭабжьаратәии еиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны ишьақәыргылоуп, иааинырсланы министррак ма комитетк аркра ҟалашьа амаӡам иҳәеит Делба. Уи зегьы етап-етапла иҟаҵатәуп, уи аҩыза амеханизм шьаҭас иаиуит уажәтәи аилазаара ҿыц.