Аԥсны

Лолуа Амшаԥныҳәазтәи аинышәаразы: аҭынчразы Урыстәыла агәазыҳәара шамоу аанырԥшит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Амшаԥныҳәазтәи аинышәаразы рылаҳәара — аҭынчра ашьақәгыларазы Урыстәыла агәазыҳәара шамоу аанырԥшит ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
Иара иазгәеиҭеит, аганқәа ренергетикатә хыбрақәа ишрыламкьысо азы аиқәшаҳаҭра украинатәи аган ишеиланаго еиԥш уажәтәи аинышәарагьы изныкымкәа еиланагеит ҳәа.
Аԥсны
Барцыц Амшаԥныҳәазтәи аинышәаразы: ауаҩрыцҳашьареи агәыҳалалреи раарԥшроуп уи иаанаго
"Сгәаанагарала, араҟа азҵаара цәырҵуеит — Украина рырбџьармчқәа рнапаҿы иҟоума, иара убас аҭынчра рҭахума ҳәа? Европатәи атәылақәа аҭынчра рҭахымкәа украинатәи арежим адгылара арҭозар ҟалоит", — иҳәеит Лолуа.
Лаҵарамза 19 рзы Иҷыдоу арратә операциа аҵакыраҿы Амшаҧныҳәазтәи аамҭалатәи аинышәара рылеиҳәеит Владимир Путин. Уи адҵа амчра ацәыӡуеит мшаԥымза 21 рзы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Иҷыдоу арратә операциа аҟны ирылаҳәаз Амшыҧныҳәазтәи аинышәара амч аиуит