Аԥсны

Афинансқәа рминистрра аколлектив рнапхгаҩ ҿыц Саид Гәбаз дыддырдырит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Атәыла ахада Бадра Гәынба Афинансқәа рминистрра аколлектив рнапхгаҩ ҿыц Саид Гәбаз дыддырдырит .
"Агәра ганы сыҟоуп шәдыррақәа, шәԥышәа, еицҿакны шәусура иабзоураны ари аҩыза аҵак ду змоу аусбарҭа ишазеиӷьхо", — иҳәеит атәыла ахада.
Саид Гәбаз 2017 шықәса раахыс афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс, Аказначеира аусбарҭа аиҳабыс дыҟан.