Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы мшаԥы 22 инаркны 25-нӡа имҩаԥысуеит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Царбеи Бжьаниа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку 69-тәи аихшьаала-ҭҵаарадырратә сессиа. Хымш ирылагӡаны еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рыла ажәахәқәа 60 рҟынӡа ҟарҵоит аҵарауаа. Царбеи Бжьаниа аҭҵаарадырраҿы илагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырразы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.
"Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа етнографк иаҳасабала ажәытәра, аҭоурых, аҵас, ақьабзқәа дрызҿлымҳан, хымԥада, аха иара иаамҭазгьы аҿагьы дазҿлымҳахо далагеит. 60-тәи ашықәсқәа рзы ақыҭа аҽшаԥсахыз, асоциалтә еихьӡарақәас иаиуз, ақыҭауаа рыԥсҭазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрызҿлымҳан", — иҳәеит Аҩӡба.
Иара убас Царбеи Бжьаниа ақырҭуа ҵарауаа Аԥсны аҭоурых аицакра ианалага ҿыӷәӷәала урҭ аҿаԥиҽуан ҳәа инаҵишьит Виктор Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.