https://sputnik-abkhazia.info/20250423/aba-eieieit-aetnograf-tsarbei-bzhania-ilagala-aty-1054555736.html
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аетнограф Царбеи Бжьаниа илагала атәы
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аетнограф Царбеи Бжьаниа илагала атәы
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы мшаԥы 22 инаркны 25-нӡа имҩаԥысуеит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Царбеи Бжьаниа диижьҭеи 100... 23.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-23T10:39+0300
2025-04-23T10:39+0300
2025-04-23T10:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054555838_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_582b949e16ad0f13e3af9af28ce31cdd.jpg
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аетнограф Царбеи Бжьаниа илагала атәы
Sputnik Аҧсны
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аетнограф Царбеи Бжьаниа илагала атәы
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы мшаԥы 22 инаркны 25-нӡа имҩаԥысуеит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Царбеи Бжьаниа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку 69-тәи аихшьаала-ҭҵаарадырратә сессиа. Хымш ирылагӡаны еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рыла ажәахәқәа 60 рҟынӡа ҟарҵоит аҵарауаа. Царбеи Бжьаниа аҭҵаарадырраҿы илагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырразы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба."Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа етнографк иаҳасабала ажәытәра, аҭоурых, аҵас, ақьабзқәа дрызҿлымҳан, хымԥада, аха иара иаамҭазгьы аҿагьы дазҿлымҳахо далагеит. 60-тәи ашықәсқәа рзы ақыҭа аҽшаԥсахыз, асоциалтә еихьӡарақәас иаиуз, ақыҭауаа рыԥсҭазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрызҿлымҳан", — иҳәеит Аҩӡба.Иара убас Царбеи Бжьаниа ақырҭуа ҵарауаа Аԥсны аҭоурых аицакра ианалага ҿыӷәӷәала урҭ аҿаԥиҽуан ҳәа инаҵишьит Виктор Аҩӡба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054555838_180:0:2909:2047_1920x0_80_0_0_0c655f3904c26c97cf70650eb560d945.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аетнограф Царбеи Бжьаниа илагала атәы
10:39 23.04.2025 (ирҿыцуп: 10:40 23.04.2025) Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы мшаԥы 22 инаркны 25-нӡа имҩаԥысуеит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Царбеи Бжьаниа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку 69-тәи аихшьаала-ҭҵаарадырратә сессиа. Хымш ирылагӡаны еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рыла ажәахәқәа 60 рҟынӡа ҟарҵоит аҵарауаа. Царбеи Бжьаниа аҭҵаарадырраҿы илагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырразы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.
"Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа етнографк иаҳасабала ажәытәра, аҭоурых, аҵас, ақьабзқәа дрызҿлымҳан, хымԥада, аха иара иаамҭазгьы аҿагьы дазҿлымҳахо далагеит. 60-тәи ашықәсқәа рзы ақыҭа аҽшаԥсахыз, асоциалтә еихьӡарақәас иаиуз, ақыҭауаа рыԥсҭазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрызҿлымҳан", — иҳәеит Аҩӡба.
Иара убас Царбеи Бжьаниа ақырҭуа ҵарауаа Аԥсны аҭоурых аицакра ианалага ҿыӷәӷәала урҭ аҿаԥиҽуан ҳәа инаҵишьит Виктор Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.